Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа аҳҭнықалақь ауааҧсыра Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа аҳҭнықалақь ауааҧсыра Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.
23.07.2022

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аҟәа ақалақь ауааҧсыра! Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш!

Аҧсуа бираҟ – ҳҳәынҭқарра асимвол хадақәа ируакуп. Иара Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан ҧхьаҟа ҳазгоз, фырхаҵарыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы ақәҧараҿы амч ҳазҭоз акы акәны иҟан. Иахьа ҳара ҳбираҟ – амилаҭ зыхӡыӡаауа агәалашәарақәеи уаанӡатәи абиҧарақәа реихьӡарақәеи ирдыргоуп.

ҧхынгәымза 23 – ари амш, Аҧсны иқәынхо дарбанызаалак дзықәгылоу адгьыл аҭоурых беиа дагәыланарҧшуеит, ҧхьаҟатәи аҧеиҧш азы аҭакҧхықәра иднаҵоит, ҳаҧсадгьыл азгәдура ҳаланааӡоит.

Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа рыхьӡала ари амшныҳәа аҽны ҳаҳҭнықалақьуаа ишәзеиӷьасшьоит аманшәалара, аҭынчра, ақьиара, аизҳазыӷьара!

Ҳаԥсадгьыл ҧхьаҟа изгаша аусқәа знапы рылаку зегьы шәахьыҟазаалак шәманшәалаз!

Иҭынчу, ицқьоу ажәҩан аҿы ҳаҧсадгьыл еснагь иахашәыршәырлааит Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ!

Шәадныҳәалаз Абираҟ Амш!»



Возврат к списку