Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Ҳаҭыр зқәу, Аҟәа ақалақь ауаа ҧсыра! Гәык- ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аҳҭнықалақь Амшныҳәа!
Ҳаҭыр зқәу, Аҟәа ақалақь ауаа ҧсыра!  Гәык- ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аҳҭнықалақь Амшныҳәа!
03.07.2022

Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп еиуеи ҧшым ауадаҩрақәа шәыриааины, активла ҳаҳҭнықалақь а ҧсҭазаара зҽалазырхәуа ҳақалақь ауаа ҧсыра зегьы, шәарҭ шәхы рылашәырхәуеит еиуеи ҧшым ауаажәларратә еиҿкаарақәа, ақалақь аҿы еиҵагылоу аҿар ры ҧсҭазаара аиӷьтәразы ишәылшо зегь ҟашәҵоит.

Иахьазы Аҟәа ақалақь зҭоурых ду аинтерес аҵоу, еиҳа-еиҳа ааԥсшьаҩцәа адзы ҧхьало, ҳарҭ ҳзы иманшәалоу, ҳаамҭа иақәшәо қалақьуп ҳәа азуҳәар алшоит.

Иахьа ҳара зегь бзиа еицаҳбо ақалақь Аҟәа 2506 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит. Ари аныҳәа еиднакылоит ҳа ҧсадгьыл зегьы, иара убасгьы иҳанаҭоит аҭагылазаашьа адунеи ахьынӡанаӡааӡо ҳабжьы ақәыргара, ҳаҳҭнықалақь аҭоурых аиҭаҳәара.

Ҳаҭала сареи аус сыцызуа Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәеи рыхьӡала, зегьы ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭынчра, агәабзиара, ақьиара, аманшәалара!

Аҳҭнықалақь ауаа ҧсыра, шәы ҧсҭазаара гәырӷьарала иҭәызааит!

Шәадныҳәалаз Аҳҭнықалақь Амш!



Возврат к списку