Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Ҩажәижәаба шықәса мҩасит, абиԥарақәа рҽырыԥсахит, аха аԥсуа еибашьцәа иаадырԥшыз афырхаҵареи аԥсадгьыл абзиабареи - зыԥсадгьыл амаҵ азызуа рзы наӡаӡа иҿырԥшыганы иаанхоит…
Ҩажәижәаба шықәса мҩасит, абиԥарақәа рҽырыԥсахит, аха аԥсуа еибашьцәа иаадырԥшыз афырхаҵареи аԥсадгьыл абзиабареи - зыԥсадгьыл амаҵ азызуа рзы наӡаӡа иҿырԥшыганы иаанхоит…
27.09.2023
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа аҳҭнықалақь ауааԥсыра Аҟәа ахақәиҭтәра амши Аиааира Амши рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, аҟәаа, Аԥсны атәылауаа зегьы! Хаҭала сареи Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа рыхьӡалеи гәыкала ишәыдысныҳәалоит Аҟәа ахақәиҭтәра амши Аиааира Амши!

Ҩажәижәаба шықәса раԥхьа ҳажәлар афырхаҵара аадырԥшит, агәаҟра ӷәӷәақәа рхыргеит, аиааирагьы ҳзааргеит.

Цәыббрамза 27 1993 шықәсазы аԥсуа архәҭақәа ацәыӡ дуқәа шроузгьы, ирылдыршеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рықәцара, Аҟәа ахы ақәиҭтәра. Анаҩстәи ахымшк рыҩнуҵҟа аԥсуа еибашьцәа Ингәырынӡа инаӡеит. Цәыббрамза 30 рыҽны Кырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҿы ҳаԥсуа бираҟ лаша шьҭыхын. 

Иахьа аҭынч ԥсҭазаареи адемократиатә ҳәынҭқарреи ҳаурц азы Аԥсны иахҭнагаз рацәоуп. Зықьҩыла ҳфырхацәа аҭынч ԥсҭазаара рхы ақәырҵеит. Иҟам ҭаацәарак, аибашьра зхьымсыз!

Еибашьуаз зегьы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, ҳшәызгәдууп, шәҿаԥхьа ҳхырхәоит!

Иахьа иаҳгәалаҳаршәоит зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз, аӷа иҿагылаз аибашьцәа! Урҭ рфырхаҵара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит!

Уажәраанӡагьы иҟоуп хабарда ибжьаӡыз, иахьа уажәраанӡагьы ҳтәыла, ҳақалақьқәа, ҳқыҭақәа аибашьра ашьҭақәа рнубаалоит. Иахьатәи аиубилеи – гәаларшәагатә мшы дуӡӡоуп, иара гәадуралеи лахьеиқәралеи ҳаԥылоит. 

Ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҿы ари арыцхә зегь реиҳа зҵазкуа, зегь реиҳа ихадоу акәны иҟоуп.

Ҩажәижәаба шықәса мҩасит, абиԥарақәа рҽырыԥсахит, аха аԥсуа еибашьцәа рфырхаҵареи рыԥсадгьыл абзиабареи, хатәгәаԥхарала еибашьуаз иаадырԥшыз аҟәыӷареи агәкамыжьреи – зыԥсадгьыл амаҵ азызуа рзы наӡаӡа иҿырԥшыганы иаанхоит.

Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Шәарҭ иахьагьы ҳаԥсадгьыл ахьчара шәазхиоуп, изызҳауа аҿар рзы шәҿырԥшыгоуп! Аԥсны иаақәынхо зегьы ирзаажәгаз аиааиразы гәыкала иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит! Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду, анасыԥ, аманшәалара! Шәааигәа иҟазааит бзиа шәызбо, ишәызгәакьоу ауаа, шәымшқәа гәырӷьарыла иҭәызааит!

Ҳҭынчра наунагӡазааит! Ҳаҩнаҭақәа анасыԥи аманшәалареи рыгымзааит!

Хашҭра шәықәымзааит, афырхацәа!

Шәадныҳәалаз Аиааира Амш!


Возврат к списку