Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа ақалақьуаа Амшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа ақалақьуаа Амшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит.
15.04.2023
«Ҳаҭыр зқәу Аҟәа ақалақь ауааԥсыра!

Хаҭала сареи Аҟәа ақалақь адепутатцәа рыхьӡалеи гәыкала ишәыдысныҳәалоит аныҳәа лаша – Иаса Қьырса иеиҭеира амш!

Амшаԥныҳәа – ауаатәыҩса абзиабареи аҳәоуеиқәшәареи рзаазго анцәахаҵареи аԥсҭазаареи ирныҳәоуп. Ари аныҳәамш азы ҳагәқәа агәырӷьареи аразреи рыла иҭәызааит! Агәалақәа зегь шьҭахьҟа инхааит!

Иумбарц залшом есышықәса Амшаԥныҳәазы Аҟәатәи ауахәама иаҭаауа аиашахаҵара ныҟәызго ақьырсианцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа ишырацәахо.  Дара гәык-ԥсыкала анцәа иҳәоит, ганрацәала аныҳәа рҽаладырхәуеит.

Аныҳәа аҽны ҳақалақьуаа ишәзеиӷьысшьарц сҭахуп агәабзиара, насыԥла иҭәу аԥсҭазаара. Досу шәыҩнаҭақәа рҿы аԥхара, аилибакаара, абзиара агәрагара агымзааит!
 Ҳаԥсадгьыл аҿы аҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи ыҟазааит!» 

Возврат к списку