Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа иубилеи идиныҳәалеит.
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа иубилеи идиныҳәалеит.
06.04.2023

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Хаҭала сареи Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәеи гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи.

Аԥсны ихьыԥшым тәыланы аҿиара аиуразы шәара ишәылшәыршо рацәоуп, ишәыдышәкылоит ҳатрадицақәеи ҳмилаҭтә ҭынхеи еиқәзырхо аӡбамҭақәа. Шәҟәыӷареи, шәымчи, шәылшалеи Аԥсны аҿиареи ашәҭыкакаҷреи рзы амҩа ҿыцқәа азаашәыртуеит: Урыстәылеи ааигәатәи аҳәаанырцә тәылақәеи ҳареи еизааигәоу аизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵоит, ҳреспублика аинвесторцәа зыдзыԥхьало ҭыԥны ашьақәгылара иаҿуп.

Шәԥышәеи, шәзанааҭи-шәуси рдырреи, шәыжәлари рышҟа ишәымоу абзиабареи ирыбзоуроуп шәҿаԥхьа иқәшәыргыло азҵаарақәа лҵшәа бзиала рыӡбара.

Шәара ишәылоу иҳараку аусуратәи хаҭалатәи аҟазшьақәа ԥхьаҟагьы шәмаҵзуреи ҳтәылеи рзы ихырҳагазааит! Шәыгәҭакқәа зегьы нагӡахааит!

Гәыкала ишәзеиӷьысшьоит алахҿыхра шәусураҿы, агәабзиара, аҭынчра, аманшәалареи аихьӡара дуқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿиара амҩаҿы!»


Возврат к списку