Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
«Ҳшәызгәдууп, иаҳзаажәгаз Аиааиреи, иаашәырҧшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит!»
«Ҳшәызгәдууп, иаҳзаажәгаз Аиааиреи, иаашәырҧшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит!»
30.09.2022

«Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Аҧсны жәлар Риааира шәфырхаҵара иалҵшәоуп, ҳареи еиҵагыло абиҧареи уи атәы ҳхашҭраны ҳаҟам. Ҳшәызгәдууп, иаҳзаажәгаз Аиааиреи, иаашәырҧшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит!

Ари аныҳәатә мшы аҽны ҳара гәыкала ҳаигәырӷьоит 29 шықәса раҧхьа ҳаӷацәа рықәцара ахьшәылшәыршаз, ҳахьеиқәшәырхаз!

Наӡаӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит иҭахаз аибашьцәа, амедиеҳәшьцәа, аҭынч уааҧсыра. Урҭ ҳара ҳзы агәымшәареи, рыжәлари рыҧсадгьыли рахь ирымаз ицқьоу абзиабареи ирҿырҧшыгоуп.

Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Хаҭала сареи Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәеи рыхьӡала аныҳәа шәыдысныҳәалоит! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәеизҳара, ақәра рацәа!

Аҧсны жәлар зегьы шәныҳәазааит! Гәыкала ҳарҭ зегьы иаҳзеиӷьасшьоит ҳаиҳабацәа рфырхаҵарақәа ҳхамышҭуа, дара иаҳзааргаз аҭынчра ҳхәыҷқәеи ҳмаҭацәеи ирзеиқәҳархо!

Ишәҭыкакаҷлааит ҳаҧсадгьыл Аҧсны! Иаҳхалашалааит ажәҩан цқьа!

Шәадныҳәалаз Аиааира Амш!»


Возврат к списку