Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Аҟәа ақалақьтә Еизара ҳтәыла иқәынхо зегьы Аҧсны Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш рыдырныҳәалоит.
Аҟәа ақалақьтә Еизара ҳтәыла иқәынхо зегьы Аҧсны Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш рыдырныҳәалоит.
26.08.2022

ААЕ ахантәаҩы Иракли Харчлаа идныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Нанҳәамза 26 2008 шықәса аҧсуа жәлар рзы акыр зҵазкуа ныҳәатә мшхеит: Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азханаҵеит ҳәа ҳажәлар ирылаҩҩыз ажәабжь зеиҧшыҟам агәырӷьара рзаанагеит. Ҳаҧсадгьыл жәларбжьаратәи азинқәа змоу тәыланы иҟоуижьҭеи абар сынтәа 14 шықәса ҵит.

Урыстәыла ҳаназханаҵа ашьҭахь – ашәарҭадара, агәабзиарахьчара, аекономика, аҵарадырра уҳәа ахырхарҭақәа рыла аусеицура аҿиара аиуит, ҳтәыла асоциалтә уадаҩрақәа рыӡбараҿы ацхыраара ҟалеит.

Урыстәылатәи Афедерациа аҭышәынтәалара иадыргоуп, уи аҭагылазаашьа Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара анаҭоит.

Агәра згоит, ҳтәылақәа ирыбжьоу аиҩызареи аусеицуреи ҧхьаҟа еиҳагьы иазҳалап ҳәа.

Хаҭала сареи Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәеи рыхьӡала зегьы Аҧсны Урыстәылатәи Афедерациа ианазханаҵаз Амш шәыдысныҳәалоит!

Ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ақьиара, аманшәалара, ишәҭы-какаҷлааит бзиа иаҳбо ҳаҧсадгьыл Аҧсны!»


Возврат к списку