Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Ҳаҭыр зқәу Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи иаҭааз асасцәеи!
Ҳаҭыр зқәу Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи иаҭааз асасцәеи!
01.06.2022
Иахьа зеиӷьаҟам ныҳәоуп, иазгәаҳҭоит – Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш! Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа рыхьӡала зегьы ишәыдысныҳәалоит ари аныҳәа. 

Ҳарҭ зегьы иаҳҭахуп ҳхәыҷқәа ақьиареи аҭынчреи рыманы, ажәҩан цқьа рхалашо ирызҳаларц, иеилаҳкаауеит – дара ирылоу аинтеллектуалтә, абаҩрҵәыратә ҟыбаҩ аизырҳаразы аҭагылазаашьа рзаԥҵара шаҳуалу. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа ақалақь хәыҷқәа агәабзиареи анасыԥи рыман еизҳаларц азы гәыкала ирылшо зегь ҟарҵоит.

Хаҭала сареи аус сыцызуа зегьы рҟынтә, адуцәа ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиареи аманшәалареи! Ахәыҷқәа ракәзар, аԥхын ааиреи аԥсшьарамшқәа ралагареи шәыдаҳныҳәалоит!

 Шәыԥсҭазаараҿы шәзеигәырӷьара рацәазааит, шәгәы иҭашәкуа нагӡахааит!

Возврат к списку