Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Аиааира амш шәадныҳәалаз!
Аиааира амш шәадныҳәалаз!
09.05.2022
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аветеранцәеи аиааираҿы злагала ыҟоу зегьы Аиааира амш рыдиныҳәалеит. 

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Иҳазгәакьоу аветеранцәа, аиааира агараҿы злагала ыҟоу зегьы! Ҳаҭыр зқәу ҳақалақьуаа! Аиааира амш шәадныҳәалаз! Хаҭала сареи Аизара адепутатцәа рыхьӡалеи ҭабуп ҳәа шәасҳәоит иаҳзаажәгаз аиааиразы, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара. 

Лаҵарамза 9 рҽны хьаҵрак ҟамҵаӡакәа аӷа иҿагылан еибашьуаз, аиааираҿы злагала ыҟоу зегьы ҳгәалаҳаршәоит, рҿаҧхьа ҳхырхәоит.

Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Ҳшәызгәдууп! Шәарҭ акырынтә аҧсра абла шәхыҧшылахьан, шәҩызцәа шәывыршьаауан, аха абарҭ зегьы шәыриааины Аиааира агара шәылшәыршеит. Аибашьра аамҭа цәгьазы хамеигӡарада зыҧсадгьыл зыхьчоз шәҿырҧшыгоуп аҭынч ҧсҭазаараҿы изызҳауа аҿар рзы. 

Иаашәырҧшыз афырхаҵареи агәымшәареи ҳашҭра рықәымзааит!»


Возврат к списку