Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Иракли Харчлаа ақьырсиан дин хазҵо зегьы Амшаҧныҳәа рыдиныҳәалеит.
Иракли Харчлаа ақьырсиан дин хазҵо зегьы Амшаҧныҳәа рыдиныҳәалеит.
23.04.2022
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа адныҳәалараҿы иҳәоит:

«Хаҭала сареи Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа рыхьӡалеи Амшаҧныҳәа шәыдысныҳәалоит! Ари аныҳәа ҧшьа, аҧсҭазаара аиҭарҿиара, агәыҳалалра, арыцҳаибашьара, иузааигәоу иахь абзиабара ирсимволуп!

Анцәа дхазҵо зегьы ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара! Шәыҩнаҭақәа рҿы аҳра рулааит агәыӷреи ақьиареи, абзиеибабареи анасыҧи!

Ҳаҧсадгьыл иқәынхо ауааҧсыра зегьы ирзеиӷьысшьарц сҭахуп ааҧын иацу арҭ аныҳәатә мшқәа дара рзы агәырӷьареи, аилибакаареи, агәеинаалареи рыла иҭәызарц.

Шәадныҳәалаз Амшаҧныҳәа!»

Возврат к списку