Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа аҳәса рымш рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыҧ, аманшәалареи абзиабареи.
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа аҳәса рымш рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыҧ, аманшәалареи абзиабареи.
07.03.2022
«Ҳаҭыр зқәу аҳәса – андуцәа, анацәа, ахатә ҩызцәа, аиаҳәшьцәа, аҧҳацәа, гәыкала ишәыдысныҳәалоит ақьиареи, агәырӷьареи, аҧшӡареи аҧхарреи рныҳәа!

Шәарҭ ҳаҧсҭазаараҟны аҵак ду шәымоуп, ганрацәала шәалахәуп: аҭаацәара, аусура, ауаажәларра.

Ҷыдала ирзааҭгылатәуп агәабзиарахьчараҿы зџьабаа рацәоу аҳәса. Шәара ҩышықәса раахижьҭеи уахи-ҽни ааҧсара ҟамҵакәа ауаа рыҧсы еиқәшәырхоит, аҿкы чымазара шәаҿагылоуп. Ауаа рыҧсҭазаара аиқәырхаразы зхы-зыҧсы иамеигӡо агәабзиареи аманшәалареи шәзеиӷьысшьоит!

Ишдыру еиҧш, аҿкы чымазареи иҳалаҳәаз акарантинқәеи ашколқәеи ашколқәранӡатәи аусбарҭақәеи русура еиҧнарҟьеит, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыҧсҭазаараҿы иҟалеит аиҭакрақәа. Имариам аепидемиалогиатә ҭагылазаашьа шәышҭагылоугьы, шәара, ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи, шәусура ҭакҧхықәрала инашәыгӡоит, ҳхәыҷқәа зыҩаӡара ҳараку аҵареи ааӡареи роуразы шәымч-шәылша шәеигӡом, шәдыррақәеи, шәҧышәеи, шәбаҩхатәреи аҵаҩцәа ирымажәдоит.

Ҳаҭыр зқәу аҳәса! Зеиҧшыҟам ала шәыҧшӡаз, шәҟәыӷаз, шәгәыкыз. Ааҧын ааира шәыҧсҭазаараҿы еснагь игәырӷьахәу ахҭысқәа рыҟалара иазҳәазааит!

Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа рҟнытә ишәыдышәкыл гәыкалатәи рзеиӷьшьарақәа, ишәымазааит агәабзиара, ишәыгымзааит аманшәалареи абзиабареи!

Шәныҳәаз!

Ҳаҭырла,
Иракли Харчлаа».

Возврат к списку