Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Адепутатцәа ҳазҭало ашықәсазтәи Аҟәа ақалақь абиуџьет рыдыркылеит
Адепутатцәа ҳазҭало ашықәсазтәи Аҟәа ақалақь абиуџьет рыдыркылеит
23.12.2021
2022 ашықәсазтәи аҳҭнықалақь абиуџьет апроект атәы адепутатцәа дырзалацәажәеит Аҟәа ақалақь ахадара афинансқәа Русбарҭа аиҳабы Алхас Лагәлаа, иара иажәақәа рыла абиуџьет ҭышәныртәалоуп, ареспубликатә биуџьет аҟнытә Аҟәа ақалақь абиуџьет иалагалаз абиуџьетбжьаратә трансфертқәа 82 млн. 328 нызықь 200 мааҭ рыбзоурала азеиԥш харџьқәеи азеиԥш хашәалахәқәеи еиҟароуп.
 
2022 шықәсазтәи ақалақь Аҟәа абиуџьет ихадоу ашәага-загақәа:
Ахашәалахәқәа – реицҵалыҵ 1 178 424,8 ныз. мааҭ аԥара + ареспубликатә биуџьет аҟнытә иалагало абиуџьетбжьаратә трансфертқәа – 82 328,2 ныз. мааҭ аԥара ыҟоуп.
Ахарџьқәа – зынӡа 1 260 753, 0 ныз. мааҭ аԥара инаӡоит.
 
Алхас Лагәлаа иазгәаиҭеит, анаплакқәеи аиҿкаарақәеи ироуа афеидазы ашәахтә шынаӡо – 464 741,1 ныз.мааҭ, ауаҩытәыҩсатә хаҿқәа рҟнытә ахашәалахәытә шәахтә наӡоит – 532 593,1 ныз.мааҭ; Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҭрыжьуа акцизтә тауарқәа – 36 560, 1 ныз. мааҭ; адгьыли амазареи рзы ашәахтә наӡоит – 53 300 ныз.мааҭ; ҷыдалатәи ашәахтәқәҵара система – 68 500,0 ныз.мааҭ; аҳәынҭқарратә ҳазалхра – 750,0 ныз.мааҭ; егьырҭ ашәахтәқәа реизгара – 300,0 ныз.мааҭ; аҳәынҭқарратә мал ахархәараҟнытә ахашәалахәқәа – 6 911,5 ныз.мааҭ аԥара; имаҭәартәуи имарҭәартәыми активқәа рыҭирала ахашәала наӡоит – 1687,0 ныз.мааҭ; административтә шәатәи аизгарақәеи – 1 722 ныз.мааҭ; егьырҭ ишәахтәым ахашәалақәа – 9 360,0 ныз.мааҭ.

Алхас Лагәлаа инарҭбаан дазааҭгылеит абиуџьет апроект ахарџьтә хәҭа. Ҳаҭала иазгәаиҭеит, анхарҭа-коммуналтә нхамҩа иазынархоу ахарџьқәа шынаӡо – 269 305,6 ныз.мааҭ; аҵарадырразы иазԥхьагәаҭоуп – 512 306,5 ныз.мааҭ; агәабзиарахьчаразы – 209, 217,6 ныз.мааҭ; акультуреи аҟазареи – 11 900,0 ныз.мааҭ; абаҩрҵәыреи, аспорти, аҿар политикеи – 38 403,8 ныз.мааҭ; асоциалтә хьчара – 32 478,4 ныз.мааҭ.
Адепутатцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо А. Лагәлаа иҳәеит, абиуџьет аҟынтә аулафахәы зауа ауааԥсыра ишырзынархахо – 646 796, 8 ныз.мааҭ аԥара.

Мызкы иназынаԥшуа ҵуеит абиуџьет апроект адепутатцәа ирыдгалеижьҭеи, дареи ахадара аилазааратә ҟәшақәа рнапхгаҩцәеи ари азҵаара алацәажәара аҭагылазаашьа рыман, ирызцәырҵуа азҵаарақәа рзы иадҵааларц рылшон афинансқәа Русбарҭа, убри аҟнытә зыӡбахә ҳәоу азҵаара аимак-аиҿак, аҳәатәеиқәымшәара цәырнамгеит, - азгәаиҭеит Лагәлаа иажәақәа хыркәшо.

Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Осиа Алхас Лагәлаа ириҭаз инарҭбаау аинформациазы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, нас адепутатцәа ҳазҭало ашәықәсазтәи ақалақь абиуџьет азы рыбжьы рҭиирц рыдигалеит.
Аилатәара иалахәыз 15-ҩык адепутатцәа азыразхеит 2022 шықәсазтәи Аҟәа ақалақь абиуџьет.
Анаҩс, Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа амшхәаԥштә инақәыршәаны адепутатцәа актәи агәыԥ иаҵанакуа ахәыҷқәа-инвалидцәа ирзынархоу асоциалтә ԥаратә цхыраара ацҵаразы алшарақәа ирылацәажәарц рыдигалеит.

– Ақалақьтә Еизара уаанӡатәи ааԥхьара ишьақәнарӷәӷәахьан ахәыҷы-инвалидцәа ихәыҷаахыс 16 шықәса рхыҵаанӡа ироуа аԥаратә цхыраагӡа 600 мааҭ рҟынтә 1000 рҟынӡа ацҵара. Аха рықәра анынаӡалак амедицинатә комиссиа ахысра ашьҭахь актәи агәыԥ аинвалидра анрырҭалак, ироуа аԥара 600 мааҭ заҵәык акәын. Иахьазы ҳара иҳамоуп аҭагылазаашьа ирзаҳшәо аԥара 1000 мааҭ рҟынӡа аҩагара. Асоциалтә еиқәыршәара аусбарҭа зынӡа хылаԥшра рынаҭоит актәи агәыԥ иаҵанакуа ахәыҷы-инвалидцәа 191-ҩык, - инаҵшьны иазгәаиҭеит иқәгылараҿы Иракли Харчлаа.

Харчлаа иқәиргылаз актәи агәыԥ иаҵанакуа ахәыҷы-инвалидцәа есымза ироуа аԥаратә цхыраара 600 мааҭ аҟынтә 1000 мааҭ аԥара аҟынӡа аҩагара азҵааразы адепутатцәа еицҿак рыбжьы рҭиит.

Возврат к списку