Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Абҵарамза 26 – Аконституциа иамшуп!
Абҵарамза 26 – Аконституциа иамшуп!
26.11.2021
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа Аԥсны жәлари Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи Аконституциа амш рыдиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

«Абҵарамза 26, 1994 шықәса Азакәан хада адкылара амш наунагӡа акыр зҵазкуа хҭысны иаанхеит ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҿы. Аконституциа - азинтә еилазаараҿы иҳәаақәҵагоуп, ҳҳәынҭқарра аҿиара уасхырс иазышьҭоуп. Досу итәылауаҩтә позициа аарԥшрала уи ауасхыр арӷәӷәара дацхраауеит.

Ҳконституциа ҳахӡыӡаар, пату ақәаҳҵар, ҳҵас, ҳқьабз, ҳҭоурых, Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шш. раан ахақәиҭра ҳзаазгаз аибашьцәа ргәалашәара еилшәарада еиқәҳархоит.

Аԥсҭазаара аҽеиҭанакуеит, аха Аԥсуа ҳәынҭқарра Азакәан хада актуалра шамац иаанхоит. Абар, 27 шықәса ҵит Аконституциа ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчара, рхақәиҭра, Аԥсны иқәынхо амилаҭқәа рзинеиҟарара иадыргоижьҭеи.

Ари амш ныҳәа аназгәаҳҭо, иаҳхамышҭырц ҳахәҭоуп аконституциа ақәныҟәара, уи ишьақәнаргыло аԥҟарақәа аҳәынҭқарра аԥсҭазаараҿы аԥхьагылара аҭара шаҳуалу. Аӡәк еиԥш ҳанеидгылоуп ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟа агареи аҿиареи аналыршахо.

Аныҳәа инамаданы, хаҭала сареи Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәеи ҳахьӡала Аԥсны жәлари Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара, ҳҳәынҭқарразы ихәарҭоу аихьӡара ҿыцқәа!»

Возврат к списку