Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Атроллеибусқәа рыхәҧса ашьҭыхра ҟаларц залшома?
Атроллеибусқәа рыхәҧса ашьҭыхра ҟаларц залшома?
05.11.2021
Уи зҵаара хаданы иқәгылан Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа реилатәараҿы.

– Ҳарҭ ари азҵаара ҩынтә ҳазааҭгылахьан, Анхарҭатә-коммуналтә усбарҭақәеи, аенергетикеи атранспорти рзы адепутаттә коммисиа аилатәараҿы, иара убас Атроллеибустә усбарҭа аусзуҩцәеи ҳареи ҳаилацәажәахьан. Ҳәарада, атроллеибустә хәыҧса ҳаракӡам, иара ицәырҵуа ахарџьқәа ирызхом, аусбарҭаҿы афинанстә уадаҩрақәа рымоуп, амала ахәҧса ахагалара азҵаара аҟынӡа ҳнеиаанӡа иуӡбаша егьырҭ азҵаарақәа акыр ирацәоуп, атроллеибус аныҟәара аихшанҵа уахь иналаҵаны. Атроллеибус - ҧсеиқәырхагак иаҩызоуп заагарҭа маҷу аӡәырҩы ауааҧсыра рзы, ахәҧса шьҭаҳхырц ҳҭахызар, уи ала иныҟәо ауаа ацхыраара раҳҭароуп - абас азгәаиҭеит иқәгылараҿы адепутат Давид Чхеиӡе.

– Ахәҧса излалшо ала ашьҭыхра ахәҭоуп, амала ауаа ирдыруазароуп атроллеибусқәа еиҧҟьара ҟамҵакәа ишныҟәало, уахынлатәи аамҭагьы уахь иналаҵаны, атроллеибусқәа цқьазароуп, ахылаҧшра рымазароуп, урҭ раангыларҭақәа рҿы икыдзароуп рныҟәара атәы зҳәо аихшынҵа. Иахьазы, ақалақь агәҭаны аус зуа русура аныхдыркәшалак асааҭ 17 нахыс рыҩныҟа ацара акырӡа ирцәыуадаҩуп, Синопҟа ма Ажәытә ҳаблахь узго уарла-шәарла иныҟәо атроллеибус акыраамҭа иазыҧшуп, - иҳәеит ақалақьтә Еизара ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Осиа.

–Атарифтә хәыҧса ашьҭыхра азҵаара лассы-лассы ицәырҵуам, аха уи адагьы ҧсыхәа ыҟам. Зегьы раҧхьа инаргыланы ахәҧса ашьҭыхра зхылҿиааз ауаа иреилыркаатәуп, узықәшаҳаҭхаша ҵаҵӷәык амазароуп. Урҭ макьаназы иҟам, - азгәаиҭеит аилатәараҿы Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа.

Атроллеибус ахәҧса ашьҭыхра иаахҵәаны мап ацәылкит адепутат Асида Дбарҧҳа, избанзар лгәаанагарала уи атәанчаҩцәа ҧырхага рынаҭоит.

Адепутат Виктор Акәциа иакәзар, иқәгылараҿы иҳәеит Атроллеибустә усбарҭаҟнытә иаашьҭыз инырхуа абылтәы ахыҧхьаӡа зну ашәҟәқәа акыр азҵаарақәа шизцәырыргаз.

Аилатәара иалахәыз 14-ҩык адепутатцәа еицҿакны мап ацәыркит атроллеибус ахәҧса ашьҭыхра.

Аилатәара иаҭааз аҳҭнықалақь амҩатә ныҟәара аиҿкаареи атранспорт анапхгараҭареи рзы Адепартамент аспециалист хада Инал Џьанба ахәҧса ашьҭыхра хырҧашьа змам усны иҧхьаӡоит. Уи еиҭеиҳәеит, ахәҧса ашьҭыхра азҵаара аус шадырулоз аҳнықалақь аекономикатә ҿиара Адепартамент аҿы, ирыхәаҧшуан апасаџьырцәа рырацәара, иаҧҵан ахашәалеи ахарџьи ртәы зҳәо ашәҟәқәа. Убарҭ зегьы ҳасаб рзуны иҟаҵан алкаа троллебусла аныҟәаразы ахәҧса – 10 мааҭк аҧара шьақәырӷәӷәазарц.

Адепутатцәа аспециалист хада агәра идыргеит уи азҵаара ишазыхынҳәуа инарҭбаау аинформациа анрыҭахалак ашьҭахь.

– Ҳара рыӡбахә цәыраҳгеит иҟоу ауадаҩрақәа рыхәҭак, излацәажәаз ауадаҩрақәа рҭыҧ ақәҵара алуршар ауеит имаҷӡоу ахарџь ахҭынҵаны, урҭ иреиуоуп аихшынҵақәа рыҧсахра, аангыларҭақәа рҿы атроллеибусқәа рныҟәаразы адыррақәа узҭо атрафаретқәа ркыдҵара. Абри аҩыза алагалақәа апасаџьырцәа рхыҧхьаӡара аизҳара, Аусбарҭа аусура, аусзуҩцәа руалафахәы анырра шанаҭаз атәы ҳазҳәаша ихарҭәаау аинформациа ҳаҭазароуп, - инаҵшьны иазгәаиҭеит Дмитри Осиа аизараҿы излацәажәаз азҵааразы аихшьаалақәа ҟаҵо.

Возврат к списку