Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Жьҭаарамза 5 – Жәларбжьаратәи Арҵаҩы Имш азгәарҭоит
Жьҭаарамза 5 – Жәларбжьаратәи Арҵаҩы Имш азгәарҭоит
05.10.2021
Аныҳәа инамаданы Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Акыр иаҧсоу ҳарҵаҩцәа, аҵараиурҭақәа русзуҩцәа, Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа! Сареи, Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәеи ҳахьӡала гәахәара дула ишәыдаҳныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа!

Жьҭаарамза 5, 1994 шықәса раахыс Жәларбжьаратәи Арҵаҩы Имш адунеи аҿы иазгәарҭо иалагеит. Аамҭа цацыҧхьаӡа адунеи аҽаҧсахуеит, аха арҵаҩы изанааҭ аҭакҧхықәреи, аҳаҭыри, апатуи шамац иаанхоит. Шәарҭ Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо иқәынхо арҵаҩцәа ишәылшо зегь ҟашәҵоит ахәыҷқәа аҵаратә, адоуҳатә ааӡара рымазарц. Ҳаамҭазы аҿкы чымазара ицәырнагаз ауадаҩрақәа шмаҷымгьы, тәамҩахә ҟамҵакәа шәус шәазааҧсоит.

Ҳаҭыр зқәу Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа, арҵаҩцәа қәыҧшцәа, шәара изызҳауа аҿар рааӡараҿы, урҭ ҳмилаҭтә культуреи аҵасқәеи рылааӡараҟны шәааҧсара шьарда ирацәоуп. Шәдыррақәа зыцеиҩышәшо аҿар роуп уаҵәы ҳмилаҭ ҧхьаҟа изго, ҳҳәынҭқарра аизҳа-зыӷьра зыбзоурахо.

Иахьа, арҵара аус знапы алаку шәзанааҭтә ныҳәа мшы аҽны ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, аманшәалара, шәџьабаа пату ақәырҵаларц шәҵаҩцәеи урҭ рҭаацәеи.

Шәныҳәаз, ҩаҧхьагьы шәзанааҭ аҿы аизҳара дуқәа шәымазааит!»



Председатель Сухумского городского Собрания Иракли Харчилава поздравил учителей с профессиональным праздником:

«Уважаемые педагоги, работники образовательных учреждений, ветераны педагогического труда!

С особым чувством благодарности и уважения от имени депутатов Сухумского городского Собрания и себя лично поздравляю вас с профессиональным праздником!

Как и во все времена, профессия учителя одна из самых важных и почетных. Именно вы делаете всё возможное, чтобы следующее поколение жителей столицы было по-настоящему образованным и духовно богатым. И в очень сложных условиях пандемии вы продолжаете самоотверженно трудиться.

Дорогие ветераны педагогического труда и молодые специалисты, спасибо вам за ваш бесценный, труд, за то, что умеете сочетать преданность лучшим традициям педагогики с готовностью шагать в ногу со временем. Вы вкладываете в подрастающие поколения современные знания и уверенность в своих силах.

В этот праздничный день желаем вам, уважаемые работники системы образования, здоровья, семейного благополучия, благодарных учеников и родителей.

С Днем учителя!»

Возврат к списку