Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа аибашьра аветеранцәеи ақалақьуааи Аҟәа ахақәиҭтәра Амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа аибашьра аветеранцәеи ақалақьуааи Аҟәа ахақәиҭтәра Амш рыдиныҳәалеит.
27.09.2022

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу аибашьра аветеранцәа, ҳаҭыр зқәу ақалақьуаа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аҟәа ахақәиҭтәра Амш! Ари аныҳәа егьырҭ аныҳәақәа инарылукаауеит, ҳазынтәык ҳзы иҷыдоу аҳаҭырқәҵареи агәырӷьареи аҵоуп.

Аҟәа ахақәиҭтәразы Аҧсуа ар ирылымшозгьы рылдыршеит, ҳабацәеи ҳашьцәеи зеиҧш ыҟам ахаҵара аадырҧшит! Ҳара иаҳхаҳмыршҭырц ахәҭоуп, Аҟәа ахақәиҭтәреи Аиааира агареи шаҟаҩы аибашьцәа рыҧсы ахҭынҵоу. Урҭ ҳгәалашәараҿы инаунагӡоуп.

Шәҿаҧхьа ҳхырхәоит, гәыкала ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, шәара, ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, иаашәырҧшыз афырхаҵаразы, агәкамыжьразы, агәымшәаразы! Агәра шәсыргоит, шәара шәеидгылара иахьагьы ишҿырҧшыгоу, уи ҳаззегь ҳаиднакылоит, ҳамч ҭанаҵоит, ауадаҩрақәа зеиҧшразаалакгьы риааира шалыршахо, иагьшаҭаху ҳнарҵоит.

Хаҭала сареи Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәеи рыхьӡала Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, ақьиареи аманшәалареи! Иҭабуп Аиааиразы!

Хазы Аҟәа ақалақь ауааҧсыра ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиареи, анасыҧи, аманшәалареи. Иҟалааит ҳақалақь азы ихырҳагоу аиҭакрақәа, ишәҭыкакаҷлааит ҳаҧсадгьыл Аҧсны!

 

Шәадныҳәалаз Аҟәа ахақәиҭтәра Амш!

Шәадныҳәалаз Аиааира Амш!

 

 

Ҳаҭырла,

Аҟәа ақалақьтә Еизара

ахантәаҩы                                                          Иракли Харчлаа».


Возврат к списку