Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа аҳҭнықалақь амсылманцәа Кәырбан-ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа аҳҭнықалақь амсылманцәа Кәырбан-ныҳәа рыдиныҳәалеит.
09.07.2022
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аҟәа ақалақь амсылманцәа! Гәыкала ишәыдысныҳәалоит амсылман динхаҵараҿы ихадоу аныҳәақәа ируаку Кәырбан-ныҳәа. Ари аныҳәа ауаа еиднакылалааит ицқьоу агәҭакқәеи аус қьиақәеи рынагӡараҿы. Шәарҭ аус бзиақәа рынагӡара хықәкыс ишәзышьҭоуп, аныҳәа аҽны ацхыраара зҭаху зегьы афатә рзышәшоит. Шәдинхаҵара арӷәӷәарала шәыкәша-мыкәша иҟоу уаҵәтәи амш лашазы агәрагара рышәҭоит.

Ашьтәашьра, агәнаҳарақәа рхыхра, аӷәӷәара, аҟәыӷара, ақьиара иадҳәалоу ари аныҳәа иаҳнарбоит арыцҳаибашьара шаҭаху, агәыҭбаара шаарҧшлатәу, зыдунеи зыҧсахыз ҳауацәа шаҳхамышҭыша, ҳааигәа иҟоу пату шрықәҵатәу, бзиа ишбалатәу.

Хаҭала сареи Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәеи рыхьӡала гәык-ҧсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәҭынчра, аҧхарреи аманшәалареи шәыҩнаҭақәа рҿы!

Возврат к списку