Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Хәажәкырамза 11 Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧгахоит ДЖәР-и ЛЖәР-и рҵакырадгьыл аҟны аҭынчра ашьақәыргыларазы Урыстәылатәи Афедерациа Украина абџьарахыхразы имҩаҧнаго аоперациа ҷыда адгыларазы акциа.
Хәажәкырамза 11 Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧгахоит ДЖәР-и ЛЖәР-и рҵакырадгьыл аҟны аҭынчра ашьақәыргыларазы Урыстәылатәи Афедерациа Украина абџьарахыхразы имҩаҧнаго аоперациа ҷыда адгыларазы акциа.
10.03.2022
Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа ралхыҩцәа аусмҩаҧгатә рхы аладырхәразы ааҧхьара ҟарҵеит. Ааҧхьараҿы иҳәоуп:

"Агәра ганы ҳаҟоуп, Аҟәа ақалақь ауааҧсыра реиҳараҩык урыстәылатәи ар ишрыдгыло. Урыстәылатәи аруаа абар уажәшьҭа акыршықәсоуп рыҧсҭазаара ашәарҭара иҭаргыло аҧсуа ари аҳәаахьчаҩцәеи ирывагыланы Қырҭтәылеи ҳареи ҳҳәаа рыхьчоижьҭеи, ҳаҧсадгьыл аҿы аҭынч ҧсҭазаара рыбзоуроужьҭеи. 2008 шықәсазы дара ирылшоз зегьы ҟарҵеит, Қырҭтәыла злагаз аибашьра аанкылареи аҭынчра ашьақәыргыларази, урыстәылатәи ар рыбзоурала Аладатәи Уаҧстәылеи Аҧсни руааҧсыра ироуит аҭагылазаашьа ҭынч анхара, аекономика ашьҭыхра, аибашьраан ааха зауз аиҭашьақәыргылара, асоциалтә проблемақәа рыӡбара.

Иахьа ҳара агәра ҳгоит, Урыстәыла ахада Украина иқәынхо аҭынч уааҧсыра реиқәырхара иҽшазишәо. Имҩаҧысуеит аиҿцәажәарақәа, еиҿыркаауеит агуманитартә мҩақәа аибашьра иалагылоу аҭынч уааҧсыра ралгаразы.

Агәыӷра ҳамоуп, иаарласны аибашьра еилгап ҳәа, аха уи ҟаларазы адунеи зегьы ахьынӡанаӡааӡо ҳаидгылан Украина анапхгара азхьаҳарҧшыроуп ДЖәР-и ЛЖәР-и руааҧсыра иалырхыз ахьыҧшымра мҩа иақәшаҳаҭхаразы, урыстәылатәи аҳәарақәа рынагӡара иалагарацы.

Владимир Путин есымша иазгәеиҭоит, Урыстәылатәи Афедерациа шазхио аимак аҭышәныртәаларазы Украина анапхгареи аҳәаанырцәтәи алахәылацәеи дареи реиҿцәажәара. Ҳгәыӷуеит, иажәақәа дара рҟынӡа инаӡап ҳәа. Убри азы хымҧада амитинг ахалархәра аҭахуп. Ҳара иаҳҭахым егьызхарам аҳәсеи, ахәыҷқәеи, аҭынч уааҧсыреи ҭахаларц. Адунеи аҟны ираҳароуп, аашықәса раахыс амилаҭеилыхратәи анеонацистә еиҿкаарақәеи Украинеи хысгабџьарла знырҵәара иаҿу ауааҧсыра, аҳәса, ахәыҷқәа зыхьчо урыстәылатәи аруаа рыгәра шаҳго.

Ҳара, Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа имҩаҧгахо акциа шәхы алашәырхәразы ҳалхыҩцәа шәышҟа аҳәара ҟаҳҵоит. Акциа мҩаҧгахоит хәажәкырамза 11 2022 шықәсазы асааҭ 13 инаркны 15-нӡа астадион «Динамо» аҿы".

Возврат к списку