Сухумское Городское
собрание
Мы в социальных сетях
Сухумское Городское
собрание
Ҵәыббрамза 1 – Адырра иамшуп!
Ҵәыббрамза 1 – Адырра иамшуп!
01.09.2021
Аныҳәа инамаданы Аҟәатәи ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа адныҳәалара ҟаиҵеит:

Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи иара убас аҭаацәеи!

Иахьа, Цәыббрамза 1, ақалақь школқәа рҟны ихацдыркуеит аҵарашықәс. Ишаҧу ала, ари амш азгәаҳҭоит ныҳәак еиҧш, ахәыҷқәагьы аиҳабацәагьы бзиа ибаны иззыҧшу - Адырра амш. Хаҭала сареи, Аҟәатәи ақалақьтә Еизареи ҳахьӡалеи ишәыдысныҳәалоит ари амш! Ҳазҭалаз аҵарашықәс азы зегьы ишәзеиӷьысшьоит агәабзиареи аихьӡарақәеи! Аҧкрақәа шыҟоугьы, cара агәраганы сыҟоуп, Аҟәа ақалақь ахадареи Аҵараҟәша аусбарҭеи русзыҩцәа ирылшо зегь шыҟарҵо аҵаратә процесс ахаҭабзиара ацклаҧшраз. Иахьа хәыҷи-дуи ҳзы ихадоуп асанитартә нормақәа рықәныҟәара.

Ҳҳәынҭқарра ҧхьаҟатәи аҧеиҧш зыбзоурахо иахьа изызҳауа абиҧара ҿыц аҵара шыдҳарҵои ираҳҭо агәашьамхи роуп.

Иахьа шәҩыла аҵаҩцәа рыччабыжьқәа рыла ашкол уадақәа ҭдырҭәаауеит. Ҧыҭҩык рзы иахьа игоит раҧхьатәи аҵәҵәабжьы. Мҩамшла иаҧылааит адыррақәеи аартра ҿыцқәеи рымш.

Гәыкала ирыдысныҳәалоит зџьабаа ахә ҳаракны ишьатәу арҵаҩцәа! Ҳазҭалаз аҵарашықәс ҿыц маншәаланы имҩасааит!

Возврат к списку